Print this page
10.Ԥхынҷкәын.2025

Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаза ахысраан ахәра зауз лаҽаӡәгьы иԥсҭазаара далҵит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москватәи ахәышәтәырҭа аҿы иԥсҭазаара далҵит абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ахысраан ааха зауз даҽа хаҵакгьы. Алмас Кәыҵниа ихы ахәра ӷәӷәа аман. Уи ихәышәтәразы Урыстәылаҟа дыргеит.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсныпресс ахь иҟаиҵаз адыррақәа рыла, сааҭк аԥхьа  Москва ақалақь, Н.Н. Бурденко ихьӡ зху Амилаҭтә амедицинатә анеирохирургиа аҭҵааратә Центр аҿы иԥсҭазаара далҵит 45-шықәа зхыҵуаз апациент Алмас Кәыҵниа.

Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь, Гәыматәи амҩа ала иҟалаз ахысра иахҟьаны хәҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит. Ахәрақәа зауз зегьы ахәышәтәырҭахь инаган. Аҳақьымцәа разгәаҭарала, ҩыџьа рҭагылазаашьа акыр иуадаҩын.  Абҵара 13 рзы урҭ руаӡәк Руслан Адлеиба Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.

Аҟәатәи апрокуратурала ашьаус хацыркын. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбрала иҭаркит Шьараҭ Џьыкырба, Асҭамыр Шьынқәба, Мхаз Агрба.

 

 

Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/18546-skonchalsya-vtoroj-postradavshij-v-rezultate-strelby-11-noyabrya-v-sukhume.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 43 times