Анна Гончарова – ахәыҷтәы шәҟцәәәыҩҩы, афилолог, апсихолог, урыстәылазегьтәиа апремиақәа рлауреат –ллакқәа ршанареи лырҿиара амаӡақеи ртәы ахәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит. Алакәеиҭаҳәаҩ ахәыҷқәа идлырбеит аидеиақәа шыҟало, зыԥсы ҭоу афырхацәа шаԥҵахо, асиужет шеиқәыршахә атәы.
Анна Гончарова Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аԥсуа Ашьхарыуаа школ №10, А.П. Чехов ихьӡ зху ақалақьтә аурыс школ, абжьаратәи ашкол №12 ааҵаҩцәа рҿаԥхьа дықәгылеит.
Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны». Убри аан адгылара ҟанаҵеит Москва Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартаменти.
