Print this page
09.Ԥхынҷкәын.2025

Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа аҷыдалкаатә зинмчы змаз Урыстәылатәи Афедерациа уаанӡатәи ацҳаражәҳәаҩ Николаи Владимир игәалашәараз алахьеиқәҵаратә церемониа далахәын.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи 2025 шықәса ԥхынҷкәын 3 рзы зыԥсҭазаара иалҵыз Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змаз ацҳаражәҳәаҩ Николаи Михаил-иԥа Владимир изкыз алахьеиқәҵаратә церемониа рхы аладырхәит.

Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала Инар Ладариа Урыстәылатәи иколлега, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Леденев дидышшылеит, иара убасгьы зыԥсҭазаара иалҵыз Николаи Владимир иҭаацәа иажәа ҟәандақәа рызнеигарц азы аҳәара ҟаиҵеит.

Рубен Дарио ихьӡ зху Амилаҭтә Театр аҿы имҩаԥысыз ацеремониа рхы аладырхәит Никарагуа Ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильо, Амилаҭтә Еизара ахада Густаво Поррас, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске, Никарагуа аккредитациа змоу адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа.


Read 308 times - Ахаша, 10 Ԥхынҷкәын 2025 02:45