Print this page
08.Ԥхынҷкәын.2025

Аҟәа ақалақь аҿы ихацыркхеит ашықәсыҿцтәи акциа «Ашанаҵла».

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы ашықәсҿыцтәи акциа «Ашанаҵла» аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәдыргылеит «агәазыҳәарақәа рыԥсаҵла». Традициала ишышьақәгылахьоу ала, уи ахәмаргақәа рыла акәымкәа, ақьаад иалху аԥҟақәа-оригами рыла ирхиахеит, урҭ рыцыԥхьаӡа Акультуратә Гәыҳалалратә Фонд «Ашана», Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара «Кьараз» рҟынтәи ахылаԥшра зауа ахәыҷы игәазыҳәара ануп. Акциа алахәхаразы аԥҟа алхны уи иану агәазыҳәара нагӡаны, аҳамҭа иарбоу афондқәа руак аофис аҿы иааныжьтәуп.

Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара «Кьараз» ацаԥҵаҩы Кама Гоԥиа сынтәа 500 инареиҳаны ахәыҷқәа рҟынтәи асаламшәҟәқәа реизгара алыршахеит ҳәа иазгәалҭеит. Уи лажәақәа рыла, ахәыҷқәа даара ҭакԥхықәрала иазнеиуеит агәазыҳәарақәа ралхра, урҭ ргәы хыҭхыҭуа ашықәсҿыцтәи аныҳәақәеи аҳамҭақәеи ирзыԥшуп. Ԥхынҷкәынмза 23 рзы астанциа «Гәыма» аҿы еиҳа иалукааша агәызыҳәарақәа нагӡахоит.  

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, Акультуратә гәыҳалалратә Фонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа акциа ахәыҷқәа акыр ргәалаҟазаара шьҭнахуеит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит. Лара убас илҳәеит: аԥҟа згаз дарбанызаалак акциа алахәыла ус уҳәар алшоит ашықәсҿыцтәи аҳамҭаҭаҩны дҟалоит, иара аԥшьгара акәзар, «зегьы ирзеиԥшу ашықәсҿыцаламҭалазтәи ашана» аҳасабала ирыдыркылоит.   

Аплатформа «Гәыма» анапхгаҩы Хьыбла Возба ас еиԥш иҟоу «агәазыҳәарақәа рыԥсаҵлақәа» ишьақәыргылахоит Очамчыреи Гагреи араионқәа рҿы, уахь 50 ԥҟа рышьҭхьеит ҳәа иазгәалҭеит.  Ари акциа мҩаԥыргоижьҭеи шьҭа ҩы-шықәса ҵуеит. Иарбоу аамҭа иалагӡаны Аԥсны ауааԥсыра 670-ҩык ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа нарыгӡахьеит. Акциа аиҿкааҩцәа иақәгәыӷуеит сынтәагьы ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа зегьы шынагӡахо.


Read 163 times