Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2025 шықәса Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба Керчтәи ақалақьтә Хеилак ахантәаҩы Денис Колесник диԥылеит.
Џьансыхә Нанбеи Денис Колесники Аԥсны ақалақьқәеи Керчи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара алыршара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Ареспублика Ҟрым арегионқәа аус рыцура аҿиара иазҿлымҳауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Ақалақь ахада иааԥхьарала Аԥсны аделегациа Керчь ақалақь аҿы иаҭааит Мрагылара-Ҟрымтәи аҭоурых-культуратә музеи-ҳәарԥсарра – Аџьимушкаитәи ахаҳәҵхырҭақәа.