Print this page
05.Ԥхынҷкәын.2025

«Ашанаҵла – 2025»: ахԥатәи ашықәсҿыцтәи агәыҳалалратә акциа хацыркхоит ԥхынҷкәынмза 23 рзы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура-усуратә платформа «Гәыма», Акультуратә Гәыҳалалратә Фонд «Ашана», Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара «Кьиараз» ашықәсҿыцтәи агәыҳалалратә акциа «Ашанаҵла» шеиҿкаахо азы адырра ҟарҵоит.

Ҩы-шықәса рыла ари аԥшьгара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ауааԥсыра 670-ҩык ахәыҷқәа еиуеиԥшым ргәазыҳәарақәа нарыгӡеит. Акциа еиднакылоит ҩ-фондки шәҩыла «Аҵаа Бабадуқәеи» «Асҭыԥҳацәеи». Акциа хықәкыс иамоуп згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәеи зматериалтә лшарақәа маҷу аҭаацәа рҟынтәи ахәыҷқәеи аныҳәа ҳамҭас рыҭара.  Шәҩыла Аԥсны ауааԥсыра есышықәса аамҭала анашанаҟаҵаҩцәас иҟалоит.

Изҭаху зегьы Аҵаа Бабаду иахь иҩу асаламшәҟәқәа ганы уи иану агәазыҳәара наигӡар илшоит.

Ԥхынҷкәынмза 8 рзы аплатформа «Гәыма» аҟны ишьақәыргылахоит аԥсаҵла. Уи аԥҟа-оригами ала ирхиахоит. Аԥҟацыԥхьаӡа ианызаауеит афонд аҟынтәи ахылаԥшра зауа ахәыҷқәа руаӡәк игәазыҳәара. Аԥҟа-оригами ганы шәара аҳамҭа аахәаны афондқәа рофисқәа руак аҿы иааншәыжьыр алшоит.

Ԥхынҷкәынмза 23 рзы имҩаԥгахоит аныҳәатә усмҩаԥгатә. Араҟа зегьы раасҭа иалукаауа агәазыҳәарақәа иара уааҵәҟьа, аплошьадка «Гәыма» аҿы инагӡахоит.  

Апресс-конференциеи акциа ахацыркреи азԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәынмза  8,  асааҭ 13:00 рзы арт-пдошьадка  «Гәыма» аҿы.

Акциа «Ашанаҵла – 2025» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахо аусмҩаԥгатәқәа рыграфик абас ала ишьақәгылоуп:

Ԥхынҷкәынмза 5 рҟынӡа – афондқәа русзуҩцәа рыла асаламшәҟәқәа реизгара мҩаԥыслоит.

Ԥхынҷкәынмза 8, асааҭ 13.00 рзы – арт-платформе «Гәыма» аҿы акциа ахацыркра иазкны апресс-конференциа мҩаԥгахоит.

Ԥхынҷкәынмза 8 - 12,  асааҭ 11:00 инаркны асааҭ 14:00 рҟынӡа –  аплатформа «Гәыма» аҿы ахәыҷқәа рысаламшәҟәқәа ргара ҟалоит.

Ԥхынҷкәынмза 10 - 20 рзы – афондқәа «Кьиараз», «Ашана» аофисқәа рҿы аҳамҭақәа реизгара мҩаԥыслоит.

Ԥхынҷкәынмза 23 рзы – афиналтә акциа, «Ашықәсҿыцтәи адәыӷба» амҩаԥгареи аҳамҭақәа ранашьареи мҩаԥгахоит.

Ашықәсҿыцтәи адәыӷба «Ашанаҵла» абарҭ астанциақәа рҿы иаангылалоит:  

«Гагрыԥшь» – асааҭ 10:00 рзы,

«Гәдоуҭа» –  асааҭ 12:00 рзы,

«Афон Ҿыц» –  асааҭ 14:00 рзы,

«Гәыма» – асааҭ 16:00 рзы.

Акциа «Ашықәсҿыцтәи адәыӷба» «Аԥснытәи аихамҩа» анапхгара, «акультура-усуратә платформа «Гәыма», ақалақьқәа Гагра, Гәдоуҭа, Афон Ҿыц акультура аҟәшақәа, иара убас акоманда «Аҟәа аниматорцәа» иҟарҵо адгыларала  имҩаԥысуеит.  

 

 

 

 

 

 


Read 164 times