Print this page
05.Ԥхынҷкәын.2025

Симферополь ақалақь аҿы Ҟрыми Аԥсни рнапхгара иааиуа хышықәса рзы аусеицура аплан иалацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟрым аофициалтә визитла инеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аделегациа.  Ахәаша, ԥхынҷкәынмза 5 рзы Симферополь ақалақь аҿы Аԥсни Ҟрыми рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицура азы аҩганктәи акомиссиа аилатәара   мҩаԥысит. Араҟа иалацәажәеит 2025-2027 шш. рзы  ареспубликақәа русеицура аплан, ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости.

Ҟрым аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Урыстәыла Ахада иҟны иҟоу ареспублика есымшатәи ахаҭарнак Георги Мурадов ишазгәеиҭаз ала, Аԥсны Ҟрым аҩыза иашаны иҟоуп. Уи иажәақәа рыла, аҩ-республикак рыбжьара аусеицура ганрацәалатәи аҟазшьеи аперспектива дуқәеи амоуп.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихәҭаала аҩганктәи акомиссиа аусура иалкаау алҵшәақәа аанарԥшуа иалагахьеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иҟоу ахырхарҭақәа ҳара анаҩс арҿиаразы агәҭакқәа ҳамоуп. Аԥсны аекономикатә, асоциалтә, агуманитартә ԥыжәарақәа амоуп, уи Ҟрым еиԥш апотенциал ду амоуп. Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп – Ҟрыми Аԥсни аусдкылаҩцәа аусеицура ахьрыбжьарҵо, апроект дуқәа ахьынырыгӡо аплошьадка аԥҵара», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Аганқәа иааиуа хы-шықәса рзы аусмҩаԥгатәқәа рыплан иалацәажәеит. Ахәҭакахьала, Аԥснынтәи Ҟрымҟа наҟ-ааҟтәи абизнес-миссиа амҩаԥгареи, Иалтатәи аекономикатә форум аҿы Аԥсны аекономикатәи аинвестициатәи лшара аӡыргаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Ақыҭанхамҩа аусхкы аҿы аефирхәшатә аалыҵ аарыхреи аус адулареи рзы аԥышәа аимдара шхымԥадатәиу азгәаҭан. Иара убасгьы, еиқәшаҳаҭхеит Ҟрымтәи агроааглыхратә еиҿкаарақәа аус рыцуразы агәазыҳәара змоу аԥснытәи анаплакқәа рсиа аиқәыршәаразы.

Ааглыхра аухкы ала аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит зыда ԥсыхәа ыҟам аалыҵқәа рыла аиқәыршәара: Ҟрымынтәи Аԥсныҟа – афымцеиқәыршәагақәа, аидырҭәалагатә еиқәыршәагақәа, акосметика, ахимиатә аалыҵқәа раагара, Аԥснынтәи Ҟрымҟа  – ацитрустә шәырқәа, алкоголь злам арыжәтәқәа, аӡы реимдараз.

Иара убас Ҟрым иазԥхьагәанаҭоит Иалта имҩаԥысраны иҟоу афорум «ТуристЭкспо. Крым» аҿы Аԥсны атуристә потенциал аӡыргараҿы ацхыраара аҭареи аԥснытәи атуристтә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа рзы адгьылбжахабжа аҿы аинформациа-еилыркаагатә тур амҩаԥгареи.


Read 148 times