Ҟрым анапхгараҿы даара ахә ҳаракны иршьоит Урыстәылеи Ҟрыми рганахьала Аԥсны иааннакыло апозициа, арегионқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа традициала ишаԥу еиԥш агәреибагареи аиашьаратә акзаареи рыла ишьаҭаркуп – уи Урыстәыла иреиҳау анапхгара ариторика аҿы лассы-лассы ицәырҵуа атезис ауп ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит.
Имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит Аԥсны имҩаԥысуа аполитикатәи асоциалтәи апроцесқәа ҳыҭырқәҵарала рызнеира. Ҟрымтәи анапхгара 2014 шықәсазы имҩаԥысуаз ахҭысқәа иазааҭгылеит, амилаҭтә интересқәа рыхьчареи ахатәы мҩа алхразы азини ауаажәларратә еилымшәара ашьақәыргылараҿы акыр зҵазкуа ароль нанагӡоит ҳәа иазгәарҭеит. Убас, Ҟрым ахада Сергеи Аксионов иҳәеит: «Ҳаргьы 2014 шықәсазы илаҳхыз амҩа ҳахьчар акәын. Аиашеи аҵабырги рзы ақәԥараҿоуп ауаа рдоуҳа ахьыӷәӷәахо, ауаа ринтересқәа рыхьчара рҽазышәо, рнапхгаҩцәа рыкәша-мыкәша еидгылоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Ҟрыми Аԥсни активла аусеицура иалагеит 2016 шықәса рзы II Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҿы раԥхьатәи аофициалтә усшәҟәы анапаҵыҩра ашьҭахь. Убри нахыс аусеицура иамҽханакит аекономика, ахәаахәҭра, атуристтә ухкы, наука-ҵарадырратә проектқәа, аспорти аҿартә политикеи.
Ҟрыстәи аган иҟоу аихьӡарақәа рнаҩс аусеицура аҳәаақъа рырҭбаара ишазхиоу азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Аперспектива злоу аусхкқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп — иҿыцу аҩганктәи аԥшьгарақәа, урҭ, аиԥылара иалахәыз ражәақәа рыла, аҩганк рзы аинтерес аҵоуп.
Хазы — аусеицура арӷәӷәараҿы хаҭала илагалеи еицынагӡахо аҩганктәи апроектқәа иаиҭо ахшыҩзышьҭеи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала аџьшьаратә ҳәамҭақәа ҟаҵан.
