Print this page
05.Ԥхынҷкәын.2025

Аҟәа ақалақь аҿы ахықәкырацәа змоу аспортдәы ҿыц аадыртит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ешба имҩаҿы ахықәкырацәа змоу аспортдәы ҿыц аадыртит.

«Иахьа акыр зҵазкуа мшуп. Ҳара Аԥсны иахьаҵанакуа 17-тәи аобиект ааҳартуеит. Ари 12-тәи ахықәкырацәа змоу аспортдәы ауп.

Уаанӡа ҳара ахәыҷтәы плошьадкақәа хәба ааҳартит. Ари зегьы  – Урыстәылатәи Афедерациа ҳара ҳаиҿкаара ацхыраарала  инанагӡо агәыҳалалратә программа ду иахәҭакны иҟоуп», – ҳәа иҳәеит «Урыстәыла ҿа» краснодартәи арегионалтә ҟәша ахеилак ахантәаҩы Роман Марченко.

Роман Марченко иажәақәа рыла, аԥсуа ган амедицинатә цхыраара ласы амашьынақәа 10 аҭара мҩаԥган. Аҵарадырра аминистрра ашколтә автобусқәа 20, еиҭаҵуа акомпиутертә классқәа 22, аинтерактивтә ӷәқәа 120 аҭан.

«Зегь раԥхьа иргыланы, ҳара аԥснытәи ҳколлегацәа рҟынтәи иҳаҭаз аҳәара аҭак ҟаҳҵеит. Уи аиҳабыра еиҿнакааит. Аԥсни Урыстәылеи рминистррақәа раԥхьаӡа иргыланы рхы еилакны аус еицыруит, уи иалҵшәаны еиҳа апроблемақәа зцу, еиҳа хра змоу аусқәа алкаан», - ҳәа иазгәеиҭеит Роман Марченко.  

«Иахьа ҳара Аҟәа ақалақь аҿы иазԥхьагәаҭаз рҟынтәи аҵыхәтәантәи аобиект ааҳартуеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Роман Марченко.

Аргыларазы аобиектқәа ралкаара шԥамҩаԥысуеи ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Роман Марченко дара есымша аҭыԥантәи ауааԥсыра ргәазыҳәарақәеи аҳҭнықалақь Ахадареи Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭеи  рабжьгарақәеи иазҿлымҳахоит ҳәа аҭак ҟаиҵеит.

«Араҟа ирацәаны ауаа ахьеиланхо ҳаблоуп, убри аҟнытә ас еиԥш иҟоу адәқәа акыр иаҭахны иҟоуп. Сара иара убас аиҳабацәа рабиԥара иатәу ауааԥсыра срыҿцәажәон, урҭгьы «workout зона» ҳәа изышьҭоу аҿы атренажиорқәа рыла аҽазыҟаҵара азы алшара анроуа иазыԥшуп», –ҳәа иазгәеиҭеит Роман Марченко.

Аҟәа ақалақь ахада «Урыстәыла ҿа» краснодартәи арегионалтә ҟәша ахеилак ахантәаҩы Роман Марченко имҩаԥгаз аусура азы аҳҭнықалақь Ахадара ахьӡала аџьшьаратә шәҟәы ианеишьеит.


Read 120 times - Амҽыша, 07 Ԥхынҷкәын 2025 15:04