Print this page
05.Ԥхынҷкәын.2025

«Амшынеиқәафымцамч» ауааԥсыра афымцаҳақәа рыҽрымадареи афымцаԥхьаӡагақәа рышьақәыргылареи аԥҟарақәа рзы адырра рынаҭоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Афымцаҳақәа изакәанымкәа рыҽрымадара аԥхьырҟәҟәаара иазку аоперативтә штаб аилатәара мҩаԥысит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы.

Ԥхынгәымзазы аоперативтә штаб аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Инал Аҩӡба ихантәаҩрала аусура ҩаԥхьа ихацнаркит.

Аилатәара рхы аладырхәит аҳҭнықалақь аҳаблақәа рыҩнусбарҭақәа рхадацәа, иара убас Аҳәынҭстандарт, апрокуратура, ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа, АУН «Амшынеиқәафымцамч» ахаҭарнакцәа.

Ԥхынгәымза инаркны иаарԥшын  356 еилагара, ирымхын изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иазку 79 аппарат ҳәа адырра ҟаиҵеит Инал Аҩӡба.

«Ԥхынгәымза инаркны аусура еиԥҟьарада ицоит, есыҽны ҳара аоперативтә штаб иалаху ҳаҽрымаҳдоит. Ақалақь аҳаблақәа рҿы ареидқәа мҩаԥаагеит. Актқәа зегьы Аҳәынҭстандарти Афымцахылаԥшратә Усбарҭеи рахь идәықәҵахоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Аоперативтә штаб ахада аҭыԥқәа рҿы аҩнқәа рыгәраҵақәеи рлаӷәрақәеи рҿы, иара убас уаҩы дызхым анхарҭақәеи ахыбрақәеи рҿы акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рцәыргаразы аусура арӷәӷәара алыршаразы анапынҵақәа ҟаиҵеит.

Аоперативтә штаб алахәылацәа даҽазныкгьы ауааԥсыра иргәаладыршәоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амадаразы еиԥырҟьам ацәаҳәа шыҟоу: абри аҭел аномер  +7 940 920 20 95  ала амаининг-аппаратқәа ахьгылоу азы адырра аҟаҵара ҟалоит.

Аилатәара аҿы иара убас иазгәарҭеит ауааԥсыра азеиԥш хархәаразы афымцацәаҳәақәа рҽаҿаԥшьра азы азин аиуразы иахьадҵаалатәу азы еиҳа активла адырра рыҭара шахәҭоу.

Убри инамаданы АУН «Амшынеиқәафымцмач» абонентцәа ргәырҽанаҵоит:

* абонент азеиԥш хархәара иазку афымцаҳақәа рҽаҿаԥшьразы атехниктә ҭагылазаашьақәа (уи азы азин) имамзар, атехникатә ҭагылазаашьақәа раиуразы атәылауаҩшәҟәы аҩншәҟәи (хазхаҭалатәи хаҿны иҟоу абонент изы), мамзаргьы аԥҟаԥҵәатә шәҟәқәа (аиуристтә хаҿқәа рзы Ихадоу аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара аномери ашәахтәшәаҩы ииндетификациатә номери рыршаҳаҭгақәа) аашьҭыхны АУН «Амшынеиқәафымцмач» аҭыжьра-техникатә ҟәша (ақ.Аҟәа. Гәымсҭатәи амҩа, аҩ.№  1, 3-аихагыла) иадҵаалароуп.  АУН «Амшынеиқәафымцамч» аҟынтәи атехникатә ҭагылазаашьақәа (уи азы азин) раиура ада афымцамч ахархәара, изакәанымкәа иԥхьаӡоуп, уи аарԥшраан афымцаҳақәа рҟынтәи иаҿыххоит, иара убас зинда ахархәара зауз афымцмч аиҭаԥхьаӡара мҩаԥгахоит.

* Уи азы атехникатә ҭагылазаашьақәа раиурада афымцамч ахархәара  иарбан ҭагылазаашьазалакгьы аан изакәаным ҳәа иԥхьаӡахоит, афымцаԥхьаӡага шьақәыргылзаргьы. Даҽакала иуҳәозар, абонент афымцаԥхьаӡага изықәгылазаргьы, уеизгьы афымцацәаҳәақәа рҽаҿаԥшьразы атехникатә ҭагылазаашьақәа раиура хымԥадатәны иҟоуп.    

* Иажәхьоу афымцамԥхьаӡагатә приборқәа (2000 шықәанӡа иҭыжьыз) афымцаҳақәа рҿы иҟоу ақәыӷәӷәара ииашаны аарԥшреи афымцамч аҳасабыркреи ҳаамҭа иақәшәо астандартқәа иахьрықәымшәо инамаданы иԥсахтәхоит. Иажәхьоу афымцамԥхьаӡагақәа ззықәгылоу абонентцәа рхы иадырхәыз афымцамч аҳасабыркра афымцаԥхьаӡага арбагақәа рыла акәымкәа, Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара ишьақәнаргыло ахархәара анормативқәа рыла имҩаԥысуеит. 99% раан анормативқәа рыла аҳасабыркраан ахархәара ахәԥса акыр еиҳахоит, афымцаԥхьаӡага арбагақәа раасҭа. Убри аҟнытә иажәхьоу априбор шәзықәгылазар, уи хымԥада иԥсахтәхоит. Афымцаԥхьаӡага анааихәалак ашьҭахь уи абаза аҭагалареи апломба аархареи рзы абонент абри аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Гәымсҭатәи амҩа, аҩ.№ 1 (1-тәи аҩналарҭа) ала иҟоу Афымцаҭира Аусбаҭа дадҵаалароуп.

* Иара убас афымцаԥхьаӡага ззықәгылам абонентцәа афымцамч ахархәаразы рныхтәқәа акыр идырмаҷыр ауеит анорматив ала ашәатәы ашьақәыргылара аҟынтәи афымцаԥхьаӡага ишьақәнаргылаз фактла ахархәара зауз афымцамч азы ашәатәқәа ршәарахьы ииасыр. Уи азы мацара доусы рыҩныҟақәа рахь афымцаԥхьаӡагақәа аархәароуп, анаҩс уи хымԥада Афымцаҭиара Аусбарҭа аҿы ашәҟәы иҭагалатәхоит.   

 

 

 

 


Read 162 times - Амҽыша, 07 Ԥхынҷкәын 2025 15:56