Print this page
вчера 0:27

Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан афымцаҳақәа рмодернизациа мҩаԥгоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ақыҭақәа ацхыраареи адгылареи рыҭаразы аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан афымцаҳатә инфраструктура арҿыцра иазку аусурақәа мҩаԥгоуп.

Ишьақәыргылоуп зымчхара 100 кВА инаӡо  атрансформатор ҿыц. Ҳаамҭа иақәшәо  50 афымцацәаҳәатә шьаҟақәа дыргылеит. Ҩ-километрак рҟынӡа инаӡо, зымчхара  0,4 кВ ыҟоу, афымцамҩангага СИП-70 ацны афымцацәаҳәа ҿыцқәа наргеит.

Имҩаԥгаз аусурақәа ирыбзоураны ақыҭауаа шьҭарнахыс еиԥҟьарада алашара роулоит.


Read 25 times