Print this page
вчера 23:30

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилыргаратә усбарҭа анапхыцәгьаразы аусеилыргарақәа хацдыркит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилыргаратә усбарҭа апроцессуалтә гәаҭарақәа хнаркәшеит. Урҭ ирылҵшәаны  ԥшьҩык атәылауаа: Гәымба Сусана Акаки-иԥҳа, Лазба Асҭанда Гаргь-иԥҳа, Цыгәба Феликс Виачеслав-иԥа, Калиагина Анна Владимир-иԥҳа рганахьала аусеилыргарақәа хацнаркит. Иарбоу ауаа мҽхакы ҭбаала анапхыцәгьаратә усқәа рынагӡараҿы игәҩароуп.

Аусеилыргара хацыркын 2024 шықәса рзы. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган  аҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа жәпакы. Аусеилыргаҩцәа рҿахәы рҿырхит 179-ҩык,  58 инарзынаԥшуа агәаҭарақәа мҩаԥыргеит. Аусеилыргараан 51 усшәҟәы аӡбара-напҩымҭаеилкааратә експертиза ахь идәықәҵан, уи ала алкаақәа 6 ҟаҵан.

Гәымба Сусана Акаки-иԥҳа анапхыцәгьара иадҳәалоу ф-хҭыск рыла ахара лыдҵоуп, гәҭакыла ацәгьоура аҟаҵараҿы ацхыраарагьы уахь иналаҵаны. Лазба Асҭанда Гьаргь-иԥҳа аиԥш-зеиԥшу ацәгьоурақәа ҩба рзы дыгәҩароуп. Цыгәба Феликс Виачеслав-иԥа убасҵәҟьа анапхыцәгьара иадҳәалоу ацәгьоурақәа ҩба аепизодқәа рылахәхареи руак аҿы ацхыраара аҭареи рзы дыгәҩароуп.

Калиагина Анна Владимир-иԥҳа мҽхакы ҭбаала анапхыцәгьараҿы дыгәҩароуп.

Аусеилыргаратә материалқәа рыла, ахара зду мцҳәаралеи ироуз агәрагара цәгьашақә ахархәарала хә-ҩык Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа: Вторушин Н. Иу., Базырин П. К., Ваганов Д. В., Ситулин Н. Н., Столиаров К. М. рҟынтәи зеицҵалыҵ дуу аԥаратә хархәагақәа  ргеит. Дара Аԥсны аҵакыраҿы адгьылхәҭақәа рыҭиреи иахәҭоу аусшәқәа рыла рырхиареи рыла анапхыцәгьаратә усқәа нарыгӡон. Ааха зауз иҟарҵо адыррақәа рыла, ироуз азарал азеиԥш еицҵалыҵ 11 миллион мааҭ иреиҳауп.

Аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵахоит. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса рзы Гәымба Сусана Акаки-иԥа Аԥсны Ашьаусмҩаԥгаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 91 инақәыршәаны даанкылан. Заанаҵтәи аусҭҵаараан аус иалаху зегьы рганахьала азинтә лкаа ҟаҵахоит.


Read 20 times