Print this page
17.Жьҭаара.2022

АМУНИЦИПАЛТӘ УНИТАРТӘ НАПЛАКЫ «АИҚӘЫРШӘАЗААРА» АШЬАҞАМҨАҚӘА ХАҲӘЦӘЫЛА АЧАԤАРА ИАДҲӘАЛОУ АУСУРАҚӘА МҨАԤНАГОИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара ашьаҟамҩақәа хаҳәцәыла ачаԥара иазку аусурақәа ирыцнаҵоит. Уажәазы аусурақәа хыркәшоуп Гәлиа имҩа, «Аԥсныфармациа» азааигәара иҟоу ашьаҟамҩа аҿы. Џьонуа имҩала аусурақәа ирыцҵахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара асаит.

Гәлиа имҩа аҟынтәи Арӡынба имҩа аҟынӡа аусурақәа хыркәшоуп, Аиааиреи Лакобеи иемаздо амҩа ахәҭак аҿы аусурақәа мҩаԥысуеит.

Аиааира амҩаду азганк ала, Пушкин имҩаду аҟынтәи Академик Марр имҩаду аҟынӡа (абжьаратәи ашкол №10 азааигәара) ашьаҟамҩа хаҳәцәыла ачаԥара хыркәшоуп,  Амҩаду егьи аганахьала аусурақәа уажәазы ихыркәшамкәа иаанханы иҟоуп. Урҭ рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп жьҭаарамза нҵәаанӡа.

 


Read 394 times - Аҩаша, 18 Жьҭаара 2022 15:34