Print this page
вчера 18:27

Сергеи Кириенко: Атәылауаҩра азҵаара – ари ишиашоу аҳәынҭқарра асуверенитет иадҳәалоу зҵаароуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсуа телехәаԥшреи ателекомпаниа «Абаза-ТВ» аинтервиу аҭо хҩык Аԥсны атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра рымхра иадҳәалоу аҭагылазаашьа далацәажәеит.

«Ас еиԥш иҟоу аӡбамҭақәа ахаангьы иаалырҟьаны ирыдыркыло рахь иаҵанакӡомызт. Аӡәгьы ажәак азыҳәан, иара шәкы иреиҳаны ажәақәа рзыҳәангьы атәылауаҩра имырхӡом. Уи аҩыза ахаангьы ацәажәаразы акәӡам изыҟало, ахымҩаԥгашьа, мамзаргьы аусқәа рзы ауп», - ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.

Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла атәылауаҩра шрымхыз 3000-ҩык инареиҳаны, убри аан Аԥсны хҩык заҵәык шраку Урыстәыла атәылауаҩра змырхыз.

«Ари иуникалу ӡбамҭаӡам, ари аҳәынҭқарра ашәарҭадара хықәкыс иҟаҵаны ирыдыркылаз ӡбамҭоуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Ас еиԥш аӡбамҭақәа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиҳа иахьырацәахаз ҵаҵӷәыс иамоу, Сергеи Кириенко иажәақәа рыла аибашьра ауп.

«Аҭынч аамҭазы уи аҟара хырҩа зумҭаша усқәак ыҟазар ауеит. Аха аибашьраан уи аҩыза залыршахом. Ҳара ҳҿы аибашьра цоит, аинформациатә еибашьрагьы уахь иналаҵаны. Уи даара иӷәӷәоуп, ишьаарҵәыроуп, игәымбылџьбароуп. Убри аҟнытә ҳара ҳтәыла ашәарҭадара азы ашәарҭарақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рҿы акомпромиссқәа алҳаршартә ҳаҟаӡам», – ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Кириенко.


Read 102 times