Print this page
вчера 0:09

Сергеи Кириенко: «Аԥсны Урыстәыла иаҿагыло агәаанагарақәа ыҟаӡам».

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа телехәаԥшреи ателеканал Абаза ТВ-и аинтервиу аҭо Аԥсны Урыстәыла иаҿагыло агәаанагарақәа ыҟаӡам, аха хазы игоу ауаа ус иҟоу ацәажәарақәа рхы иаҭәаршьоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.

Зны-зынла ицәырҵуа «урыстәылаҿагыларатә» ацәажәарақәа аҵаҵӷәы хада ԥыҭҩык ауаа рхатә економикатә интерессқәа ирыдҳәалоуп, ҳәа игәаанагара иҳәеит Сергеи Кириенко.

«Ауаа Урыстәыла ибзианы иазыҟазар ауеит, аха убри аан урҭ рекономикатә интерессқәа ирԥырхагоуп Урыстәыла аус ацуреи апартниорреи аҳәаақәа рырҭаара», - ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.

Уи Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аусеицуреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи хазы игоу ауаа рхашәалахәы ашьҭыхра акәӡам изызку, уи ареспублика аҿиара иазырхоуп ҳәа инаҵшьны  иазгәеиҭеит.


Read 24 times - Аԥшьаша, 04 Ԥхынҷкәын 2025 22:36