Print this page
вчера 21:05

Аенергетика Аминистрра: Абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы иҟоу агәараанқәа атәылаҿы абылтәы азымхара иадҳәалаӡам.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәак рҿы абылтәы азы агәараанқәа рыҟалара атәылаҿы абылтәы азымхара иадҳәалаӡам, ҳәа ԥхынҷкәынмза   3 рзы аҳәамҭа ҟарҵеит Аԥсны аенергетика Аминистрра аҿы.

«Абылтәы аџьармыкьа ауааԥсыреи анаплакқәеи аиҿкаарақәеи рҭаххрақәа рыхҩара азы иахьатәи аамҭазы еиқәшәоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Аминистрра аҳәамҭа аҿы.

Агәараанқәа рықәгаразы абылтәы ресурсқәа аусхкы асубиектқәак рҟынтәи егьырҭ рахь аихшара мҩаԥысуеит.

«Хазы игоу аџьармыкьа алахәылацәа аресурсқәа рымамзаара аиқәыршәаҩ иганахьала иҟоу аиԥҟьарақәа роуп изыдҳәалахаз. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны анефтаалыҵқәа инацҵаны атәылахь раагара азԥхьагәаҭоуп», - ҳәа иазгәарҭеит Аминистрра аҿы.

«Аԥсны аҩныҵҟа абылтәы ахархәара ҭышәынтәалоуп, иарбоу аамҭа иаҟазшьарбагоу аномалтә еиԥҟьарақәа аҭыԥ рымаӡам. Аҭагылазаашьа атәыла анапхгара аҟынтәи ахылаԥшра амоуп. Ауааԥсыра анефтаалыҵқәа рзы рҭаххарақәа зегьы рынагӡареи абылтәы ресурсқәа разымхара аԥхьырҟәҟәаареи рзы иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥысуеит», – ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит аенергетика Аминистрра.


Read 34 times