Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа аныуадаҩу аамҭазы амилаҭтә шәарҭадара арӷәӷәаразы хра злоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара шхымԥадоу.
Убри инамаданы иара иҳәеит аԥыжәара шарҭо аруаа рзы амаҵзура-бзазаратәи ҭагылазаашьақәа реиӷьтәра, арҵаратә система арҿыцра, аҵара-материалтә база арӷәӷәара. Беслан Бигәаа иажәақәа рыла, ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит атәыла ашәарҭадара асистема акомпонентқәа зегьы рыҿиара, аҳәынҭқарратә, арратә, ауаажәларратә, аинформациатәи аекономикатәи уахь иналаҵаны.
Иара убас, Арбџьармчқәа реиӷьтәреи, ҳаамҭазтәи азнеишьақәа раларҵәареи, ашәарҭадара азҵаарақәеи, иааиуа аамҭахәҭазы ихадоу аусуратә хырхарҭақәеи ирызку ауснагӡатәқәеи ирылацәажәеит.
Беслан Бигәаа архәҭақәа зегьы рмобиллеи рманиоврлшарақәеи рышьҭыхра шхымԥадатәиу, ҳаамҭа иақәшәо аибашьратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара истандартым аформақәа ралагалара шаҭаху азгәеиҭеит.
Аизараҿы ирыхәаԥшит иара убас аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы, ирылацәажәеит 2026-тәи аҵарашықәс азы Арбџьармчқәа разыҟаҵаразы Адҵаҟаҵаҩ Хада иқәиргылаз аиҿкаара-методикатә дҵақәа, иара убас иааиуа аамҭахәҭазы аусура ихадоу ахырхарҭақәа алкаахеит.
