Print this page
17.Жьҭаара.2022

МИЛАНА ҴӘЫЏЬБА АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АМЕДИАЦЕНТР АКООРДИНАТОРС ДҞАҴОУП.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба идҵа ала, анапгаҩцәа ҿарацәа рконкурс «Аԥсны агәадура» афиналистка Милана Ҵәыџьба Аԥсны ААР Амедиацентр Акоординаторс дҟаҵоуп.

Милана Ҵәыџьба Г.В. Плеханов ихьӡ зху Урыстәылатәи Аекономикатә Университет  (ақ. Москва, Урыстәыла) азанааҭҵара «афинансқәеи акредити» ала иреиҳаӡоу аҵара далгеит.  Анапхгаҩ ҿарацәа рконкурс «Аԥсны агәадура» афиналисткас, иара убас асоциалтә платформа «Аԥсны Аԥеиԥш» алахәылас дыҟоуп. 

Уаанӡа Милана Ҵәыџьба Очамчыра араион Ахадара аҭаԥантәи амазара анапхгараҭареи априватизациеи рыҟәша напхгара алҭон.


Read 517 times - Аҩаша, 18 Жьҭаара 2022 15:31