Аспорт азҟазарахь акандидат иразриад роуит Алеқсандр Волков, Антон Пантелеев, Емран Кәаӡбеи Константин Маркориани.
Аспортсменцәа дрыдныҳәалеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба:
«Ишәыдысныҳәалоит аспорт азҟазарахь акандидат иразриад аиура. Ари шәара шәџьабаа хра злоу алҵшәа ауп. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аманшәалара, ҳреспублика иҵегьы ахьӡ ҭыжәгартә еиԥш аихьӡара дуқәа!».
Аразриадқәа ранашьара мҩаԥысит Иаку ареспубликатә спорттә классификациа (ЕРСК) азы Аԥҟареи 2025 шықәса рашәарамза 20, нанҳәамза 12 рзы апрофильтә комиссиа аӡбамҭақәеи инарықәыршәаны.
