Чачуа Беглар Бадри-иԥа хәажәкырамза 2, 2025 шықәса рзы, асааҭ 13:00 инарзынаԥшуа, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан абнара иахьҵанакуа Гурҵкаиа Лииа Владимир-иԥҳаи иареи иаалырҟьаны ирыбжьлаз ажәеимакра иахҟьаны лыхәда аихатә ҭел акәыршаны дихәаҽит ҳәа ахара идҵоуп.
Лииа Гурҵкаиа дшыԥсыҵәҟьаз анеиликаа, уи лхала лҽылшьызшәа аҟаҵаразы иишьыз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ лыхәда аихатә ҭел шахаршәыз араса амахә аҿы икнаҳаны аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.
Ашьаус ахәаԥшразы Очамчыратәи араионтә ӡбарҭа ахь идәықәҵоуп.
