Print this page
вчера 16:08

Ҭарашь Ҳагба: Аҟәа ақалақь аҿы Ашьапылампылтә милаҭтә Лигеи (ФНЛ) Амедиалигеи (МФЛ) рыбжьара аматч амҩаԥгара аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа рҟазара еизнарҳауеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба Ашьапылампылтә милаҭтә Лигеи (ФНЛ) Амедиалигеи (МФЛ) рыбжьара  ԥхынҷкәынмза  5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу ацәыргаратә матч иаҵоу аҵакдура азгәеиҭеит. 

Уи иажәақәа рыла, аматч акыр аҵанакуеит ареспублика аҿы ашьапылампыл апопулиаризациа азы, иара убас аҭыԥантәи ашьапылампыласыҩцәа рыспорттә ҟазара ашьҭыхреи рзы.

«Ҳаспортсменцәа Ашьапылампылтә милаҭтә Лигеи (ФНЛ) Амедиалигеи (МФЛ) еизгоу ркомандақәа рылахәхара – ари еиҳау аҩаӡараҿы рпотенциал аарԥшразы зеиӷьаҟам лшароуп. Агәра ганы сыҟоуп, ари амтч ашьапылампыл абзиабаҩцәа зегьы рзы ныҳәаны ишыҟало, уи анырра бзиа шырнаҭо», – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭарашь Ҳагба.

Аматч мҩаԥысуеит ԥхынҷкәынмза  5 рзы астадион «Динамо» аҿы. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аспорт абзиабаҩцәа зегьы рахь астадион иаҭаарц, иарбоу аицлабраҿы ҳаспортсменцәа адгылара рырҭарц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.


Read 17 times