Print this page
вчера 15:25

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аџьармыкьа Хада аҿы зыхәԥса аицҵалыҵ 274 500 мааҭ рҟынӡа инаӡо апетардақәа, агирлиандақәеи амцаркыга рҭҟәацгақәеи рымхра мҩаԥыргеит.

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 3,  2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 2 рзы Аҳынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы Гал инхо аԥҳәыс, 1970 шықәса рзы ииз  Д. Гацерелиа лнапылеидара агәаҭара мҩаԥыргеит. Агәаҭара мҩаԥган аџьармыкьа аҵакыраҿы, усҟан лара атауар аҭира даҿын.

Аԥҳәыс лажәақәа рыла, лара иарбоу аалыҵ Гал ақалақь аҿы иаалхәеит, аалыҵ уи аԥхьаҟа Қырҭтәылантәи иааган.

Аԥҳәыс лнапылеидара аҿы ирбеит 1440 пачка апетардақәа, 69 гирлианда ҳәа изышьҭоу афымцеихаԥсақәеи 795 амцаркыга рҭҟәацгақәеи — урҭ зегьы изеиԥшразаалак шәҟәы рыцӡамызт. Аҳазалхратә статистика аусбарҭа ахәшьарала, зымхра мҩаԥгаз атауар аџьармыкьатә хәыԥса 274 500 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аԥҳәыс иарбоу аалыҵ лымырхит, аус азы аматериалқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҳазалхратә усеилыргарақәеи аҭҵаареи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.  


Read 16 times