Print this page
вчера 14:44

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҿар Реизара адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы азыҳәамҭақәа рыдкылара иалагеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҟны иҟоу Аҿар Реизара адепутатцәа ралхразы есымша аус зуа акомиссиа адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы азыҳамҭақәа рыдкылара ишалагаз азы адырра ҟанаҵоит, ҳәа иаанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.

Азыҳәамҭақәеи иахәҭоу аусшәҟәқәеи иарбоу алаҳәара амассатә информациа ахархәагақәа рҿы официалла ианыркьыԥхьлак амш инаркны мызкы аҩныҵҟа ирыдыркылалоит.

Ркандидатура ықәдыргылар алшоит 18 шықәса инаркны 30 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, ауаажәларратә ԥсҭазаараа активла зхы алазырхәуа, аҵарадырра, анаука, акультура, аспорт, мамзаргьы аҿартә политика аҿы аихьӡарақәа змоу Аԥсны атәылауаа.

Аҿар Рпарламент ахықәкқәа:

  • Аҳәынҭқарратә аҿартә политика анагӡара адгылара аҭара;
  • Аҿар атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара радыԥхьала;
  • Абиԥара ҿыц аинтерессқәеи азинқәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәеи ажалагалақәеи реиқәыршәара.

Иназыцҵоу аинформациа азы адҵаалара ҟалоит:  адыррақәа раиуразы аҭел:

  • +7 (940) 943-89-09 эл. почта: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees..
  • Telegram-канал: https://t.me/mp_ra. Instagram: https://www.
  • com/mp.abh?igsh=MW9ldHRpaGZ4ZjJkdw. 

Read 23 times