Аԥыза-министр ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса рзы иҭижьыз ақәҵара анагӡара азы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ахылаԥшырҭа аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә абнақәа, апаркқәа, аскверқәа рҿы изакәанымкәа аԥсаҵлақәа рыԥҟара, иара убас рыҭиреи рыԥхьырҟәҟәаара азы аусура дырӷәӷәарц азы адҵа ҟаиҵеит. Иара убас Ашықәс Ҿыц аламҭалазы апиротехникатә аалыҵқәа рыҭира ашәарҭадара аҭагылазаашьа иҷыдоу ахылаԥшра аҭахоит.
Аилатәара рхы аладырхәит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьибеи Аекономикатә шәарҭадара Аусбарҭа аиҳабы Сулҭан Кабардаеви.
