Аӡбамҭа адкылара мҩаԥысит «Афымцамч азы» азакәан ахәҭаҷ 23 анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи инақәыршәаны аминистрцәа Реилазаара ареспублика араионқәеи Аҟәа ақалақь амуниципалтә хатәраҿы иҟоу афымцамч аобиектқәа анаҩс зегьы аушьҭратәи аихшаратәи аҳақәа Иаку аоператор анхамҩатә напхгараҭара ахь аиагарала ареспубликатә хатәрахьы аиагара ҭакԥхықәраны иадуп.
Адҵа инақәыршәаны аԥыхратә комиссиа аԥҵоуп. Уи напхгара аиҭоит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Инал Аҩӡба. Акомиссиа адҵа аҭоуп анаплакы аԥыхра ахыркәшаразы иҟоу азакәанԥҵара иазԥхьагәанаҭо апроцедурақәа зегьы рымҩаԥгара.
Адҵа аҟаҵаразы ишьаҭаны иҟалеит амуниципалтә афымцамчтә обиектқәа ареспубликатә хатәра ахь аиагаразы Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба инапынҵала иаԥшьгаз аенергетика аминистр иҟаиҵаз ааԥхьара.
