Print this page
02.Ԥхынҷкәын.2025

Аурыс бызшәеи алитературеи рҵаразы ҷыдала еиқәыршәоу 15 класс аадыртит Аԥсны.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспублика Аԥсны  14 школ рҿы аурыс бызшәеи алитературеи рҵаразы ҷыдала еиқәыршәоу 15 класс аадыртит, ҳәа адырра ҟақаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра аофициалтә саит. Аклассқәа апроект «Россия – мои горизонты» аҳәаақәа ирҭагӡаны иаартуп. Апроект Аԥсны аҵара Аминистрреи Афонд «Моя история» адгыларала Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра инанагӡоит.

«Ари агуманитартә еимадарақәа рырӷәӷәаразы акыр зҵазкуа шьаҿоуп. Аурыс бызшәа ҳажәларқәа еимаздо аиҩызаратә цҳаны иҟоуп. Ҳара ганрацәала адгылара иацаҳҵоит Аԥсны ахәыҷқәа зегьы рзы зыҩаӡара ҳараку аҵарадырра аҿиареи аурыс бызшәа аҵаразы ҳаамҭа иақәшәо аҭагылазаашьақәа раԥҵареи иадҳәалоу аус», – ҳәа иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵара аминистр Сергеи Кравцов.

15 класс рҿы ишьақәыргылан 8,5 нызықь цыра рҟынӡа аинвентар. Аклассқәа еиҭашьақәыргылоуп, аноутбукқәа, аинтерактивтә ӷәқәа, аҵаратә ҩнымаҭәа, аҵара-методикатәи адидактикатә лабҿабатәи ацхыраагӡатә материалқәа: ажәарқәа, асахьаркыратә литература, аишәатә хәмаррақәа, адемонстрациатә материалқәа, уҳәа рыла еиқәыршәоуп.

Апроект иалаху ашколқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аҟәа, Ҭҟәарчал, Гагра, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра араионқәа рҟынтәи ашколқәа, ареспублика аҿы аус зуа ашкол-интернатқәа рыԥшьбагьы уахь иналаҵаны.

Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынба 15 класс  ахархәарахь рыҭаразы асертификат лоухьеит.

«Ҳаамҭа иақәшәо аурыс бызшәеи алитературеи рҵара иазку жәохә класс раартра – ари акыр зҵазкуа хҭысуп Аԥсны аҵарадырра асистема азы. Апроект «Россия – мои горизонты» ҳашколхәыҷқәеи ҳарҵаҩцәеи рзы иҿыцу алшарақәа аанартуеит. Уи ҳхәыҷқәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш ахь аинвестициа адагьы, Аԥсни Урыстәылеи еимаздо, реимабзиаратә езыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазырхоу  цҳауп.   Ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ари апроект анагӡара зхы алазырхәз зегьы, ҳақәгәыӷуеит 2026 шықәсазы егьырҭ амаҭәарқәа рзыҳәангьы аиԥш-зеиԥшу апроектқәа рынагӡара алыршахап ҳәа», –илҳәеит Хана Гәынба.

Апроект иара убас аклассқәа рҿы аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәа рыла еиқәыршәоу, урыстәылатәи ашколқәа рҿы ахархәара змоу ацифратә ресурсқәеи апрограмматә еиқәыршәареи ралагалара азԥхьагәанаҭоит. Убас, араҟа ицәырҵит «Билет в будущее» ҳәа изышьҭоу  азанааҭхырхарҭа Иаку амодель  азанааҭхырхарҭатә диагностикақәа рахь рынаӡара.

Арҵаҩцәа ҿыц иаԥҵоу аклассқәа рҿы аусура иалагоит ԥхынҷкәынмза 2025 шықәса инаркны. Иазгәаҭатәуп, аспециалистцәа активла рхы аладырхәуеит апроект «Учу великому», уи Урыстәыла аҵара Аминистрра адгыларала аҳәаанырцәтәи аҵараиурҭақәа рҿы аус зуа аурыс бызшәа арҵаҩцәа рзы инагӡахоит.


Read 172 times