Print this page
17.Жьҭаара.2022

ВИКТОРИА МАЛАНИА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АОФИЦИАЛТӘ ХАҬАРНАКЫС ДҞАҴОУП.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Викториа Маланиа Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә хаҭарнакыс дҟаҵоуп.   

Викториа Маланиа амаҵуратә ҭакԥхықәраны илыдҵахоит ауаажәларреи амассатә информациа ахархәагақәеи актуалра злоу амшхәаԥштә зҵаарақәа рзы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иааннакыло апозициақәа рзы адырра рыларҵәара.  

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә хаҭарнак есымчыбжьа актуалра злоу ажәабжь ҿыцқәа рыдгалара мҩаԥылгалоит.

Викториа Маланиа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аус луеит 2016 шықәса раахыс. Лара Аминистрра аҟны иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилак алахәылас дыҟоуп. Лзанааҭтә дырра аҩаӡара аизырҳара акурсқәа дахысит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа аҿы. 


Read 471 times - Аҩаша, 18 Жьҭаара 2022 15:25