Print this page
02.Ԥхынҷкәын.2025

Аԥсны арккаратә акциа «Агеографиатә диктант» ахы аланархәуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аурыс географиатә еилазаара Жәларбжьаратәи арккаратә акциа «Агеографиатә диктант» алагеит Аԥсны.

Сынтәа уи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵреи Аурыс географиатә еилазаара 180-шықәса ахыҵреи иазкуп.

Акциа зхы алазырхәуа иааизакны еиуеиԥшым ауадаҩра аҩаӡара змоу 40 зҵаара рҭак ҟарҵар ахәҭоуп. Алҵшәақәа еилкаахоит ԥхынҷкәынмза   21 инаркны акциа аофициалтә саит аҟны. 

Иахьа адиктантқәа рыҩуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа Ахаҭарнакреи рҿы.

Ԥхынҷкәынмза 3, асааҭ 11:00 рзы,  адиктант мҩаԥгахоит Иу.Н. Воронов ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратә шкрол №3 аҿы, иара убас галтәи абжьаратә школ  №1 аҿы. 

Акциа адистанциатә алахәхара зҭаху рзы абҵарамза 30 инаркны ԥхынҷкәынмза 14 аҟынӡа адиктант аофициалтә саит аҿы иаартуп онлайн-наӡара.

«Абҵарамза 30 рзы Аурыс географиатә еилазаара XI жәларбжьаратәи арккаратә акциа хацыркхеит.  Сынтәа адиктант раԥхьаӡа акәны ҳаплошьадкаҿы имҩаԥгахоит.  Ҳара гәахәарыла иазгәаҳҭоит алахәылацәа рыбжьара имаҷымкәа аҿар шыҟоу, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет астудентцәагьы уахь иналаҵаны», -ҳәа илҳәеит Аԥсны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа Ахаҭарнакра адиректор Иулиа Красцова.

Аԥсны Агеографиатә еилазаара апрезидент, агеографиатә наукақәа ркандидат Инга Ҭаниа лажәақәа рыла, абар шьҭа шықәсқәак инеиԥынкыланы адиктант ААУ агеографиеи атуризми рфакультет аҿы имҩаԥысуеит.

«Есышықәса, ҳара ауниверситет аҿы аплошьадка аԥаҳҵоит, алахәылацәа ашәҟәы иҭаҳгалоит, агеографиеи атуризми рфакультет астудентцәа радыԥхьаларала адиктант мҩаԥаагоит. Иреиӷьу алҵшәақәа аазырԥшыз агәаларшәагатә ҳамҭақәеи асертификатқәеи рыла аџьшьара раҳҭоит. Сынтәа, атәыла агеографиа азы иҿыцу арҵагашәҟәы аҭыжьра ахьыҟалаз инамаданы, ҳара иара убас Аԥсны аҩныҵҟа иҷыдоу агеографиатә диктант амҩаԥгарагьы ҳгәы иҭоуп. Имҩаԥысхьеит арҵаҩцәа рԥыларақәа. Ҳара ари аԥшьгара ахь акыр азҿлымҳара шыҟоу аабоит», -ҳәа илҳәеит Инга Ҭаниа.                                       

«Агеографиатә диктант» – ари Аурыс географиатә еилазаара агеографиатә дыррақәа рпопулиаизациеи анаукеи амилаҭтә ҭынхеи рахь аинтерес ашьҭыхреи хықәкыс иҟаҵаны еиҿнакаауа есышықәсатәи жәларбжьаратәи аркааратә акциа ауп.

Акциа Аԥсны аиҿкаара рхахьы иргеит: Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакра, Аԥсны агеографиатә еилазаара, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет, Аԥсны аҵара Аминистрра адгыларала Аԥсны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа Ахаҭарнакра.


Read 105 times