Ахәшьаратә етап алахәхара азы апремиа алауреатцәа аӡбаратә еилазаара ирыдыргалароуп доусы рнысымҩа, рвидеохырдырга, иара убас ирыдгалоу атемақәа руак ала аессе. Аҳәынҭеилаки ауаажәларра реилазаара ахаҭарнакцәеи рыла ишьақәгылоу акомиссиа ахылаԥшырҭақәа зегьы рҟынтә аӡәаӡәа аиааира згаз алыркаауеит. Аҳәынҭқарратә маҵурауаа ҿарацәа рнаҩс аҳамҭақәа ранашьахоит иара убас ашықәс аҩныҵҟа аспортхкқәа рыла иналукааша аихьӡарақәа аазырԥшыз иреиӷьу аспортсменцәагьы.
Апремиа аҽазыҟаҵара далацәажәо, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти рзы Аҳәыҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба инаҵшьны иазгәеиҭеит: «Аԥыза қәыԥш» – ҳреспублика аизҳазыӷьаразы аус зуа аспециалист ҿарацәа адгылара рыҭареи рмотивациеи иазырхоу акыр зҵазкуа аинструмент ауп. Ҳара иаабоит шаҟа аҟыбаҩи аперспективеи злоу аспециалист ҿарацәа еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аус руа, иаҳуалны иҳаԥхьаӡоит Аԥсны аҿиараҿы урҭ рлашала азгәаҭара. Сынтәа ҳара апремиа агеографиа ҳарҭбаауеит, уи алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟалоит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхаҭарнакцәагьы. Уи гәахәара дууп ҳара ҳзы. Агәра ганы сыҟоуп, апремиа анаҩстәи азанааҭтә еизҳаразы, иҿыцу аихьӡарақәа раиуразы хра злоу стимулны ишыҟало».
Апремиа «Аԥыза қәыԥш» дасимволны дҟалоит Нарҭ Сасрыҟәа – нарҭаа ирызку аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рфырхаҵа хада.
Асимвол автор – асахьаҭыхыҩ Мадина Бигәааԥҳа.
