Print this page
02.Ԥхынҷкәын.2025

Бадра Гәынба Парнаут ақыҭаҟны иҷыдоу арратә операциа аҿы иҭахаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы Гурген Григориан аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гәынба Бадра хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы Гурген Григориан иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

Гәылрыԥшь араион Парнаут ақыҭаҟны аибашьҩы аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, аиҳабыра алахәцәа, Гәылрыԥшь араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Саид Ҳаразиа.

Атәыла анапхгара иҭахаз аибашьҩы иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылеит.

 


Read 118 times