Print this page
02.Ԥхынҷкәын.2025

Аҟәатәи амшынтә баӷәаза асқьалеи авокзали ргәаҭара хыркәшоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи амшынтә баӷәаза апассаџьыртә терминал амшынтә вокзал ахыбреи асқьалеи комплексла ргәаҭара хыркәшоуп. Уи Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аспециалистцәа радыԥхьаларала имҩаԥган. Аобиект аусуралшара змоу планла иазԥхьагәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усмҩаԥгатәқәа зҭаху ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп.  

Алкаа инақәыршәаны, аконструкциатә елементқәа иахәҭоу аӷәӷәара амоуп, еиҭашьақәуыргылартә иҟоуп, уи асқьала ишәарҭадоу ахархәареи анаҩстәи амодернизациеи алнаршоит.

Иҟоу адыррақәа рыла, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рыпроектҟаҵареи аобиект аҿиара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа разԥхьагәаҭареи ретап ахь аиасра ҟалоит.  


Read 116 times