Ԥыҭрак ашьҭахь, жьҭаарамза 2023 шықәса рзы, Аԥсны аминистрцәа Реилазаара «Агеографиатә обиектқәа рыхьӡқәа рзы» азакәан инақәыршәаны – В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ҳәа аҳаирбаӷәаза ахьӡ шьақәнарӷәӷәеит.
2010 шықәса инаркны ареспублика анапхгарала аҳаирбаӷәазеи Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба ихьӡи еидызҳәало еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы аӡбамҭақәа рыдыркылон:
Убас, мшаԥымза 16, 2010 шықәса рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы «Ареспублика Аԥсны Актәи Ахада В.Г.Арӡынба ихьӡ анаунагӡатәразы» ирыдыркылаз Аусԥҟа № 36 апункт 2 иаҳәоит:
«Ареспубликатә унитартә наплакы «Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза В.Г.Арӡынба ихьӡ ахҵазааит».
Иарбоу ақәҵара апункт 3 инақәыршәаны ареспубликатә унитартә наплакы «Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» Аԥҟаԥҵәа иалагалоуп аиҭакра: ажәақәа «Ареспубликатә унитартә наплакы «Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» «Ареспубликатә унитартә наплакы «В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә наплакы «Аҟәа» ҳәа иԥсахын.
Ақәҵара апункт 4 инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рсиа аҿы ахьӡ «Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» «В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ала иԥсахын.
Ԥхынгәымза 26, 2019 рзы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз «В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза жәларбжьаратәи анбантә код аҭаразы» ақәҵара №111 инақәыршәаны, аԥснытәи аҳаирбаӷәаза жәларбжьаратәи анбантә код анашьахеит, аеродром жәларбжьаратәи аҳаиреимадаразы иаартуп. Аусшәҟәы атекст зегьы аҿы аҳаирбаӷәаза арбахоит Владислав Арӡынба ихьӡ ацны.
«Аинтернет аҿы иҟоу аҳәамҭақәа рҿы иарбоу аҭагылазаашьақәа 2024 шықәсазы Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аԥҵара иадҳәалоуп. Уи хазхаҭалатәи анаплакы ауп, аҳаирбаӷәаза ахьӡ, анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭреи аҳаирбаӷәаза аус аура аиҭахацыркра ҟалаанӡеи уи ашьҭахьи иҭыжьыз атәыла аминистрцәа Реилазаара актқәеи, иара убас егьырҭ азинтә актқәеи џьара акала анырра анаҭаӡом.
Хыхь иаагоу афактқәа рышьаҭала ҭакԥхықәрала аҳәамҭа ҟаҳҵоит, «В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза ахьӡ аԥсахразы иҟоу ацәажәарақәа аиаша иацәыхароуп», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.
