Print this page
01.Ԥхынҷкәын.2025

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара амҩаԥысшьа гәарҭеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои абҵарамза 30 ахәылбыҽха Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара амҩаԥысшьа гәарҭеит.

 Ареконструкциа хазы игоу хырхарҭоуп – аконструкциақәеи аевкалиптқәеи рыҟны ишьақәыргылахо  архитектуратәи асахьаркыратәи ҵырлашаара. Хара имгакәа аҵырлашаага ҟалоит аевкалипт ҵла дуқәа фба рыҟны амшын аԥшаҳәаҿы, Баграт ихьӡ зху ашьхаҟны, Аҟәа абааҿы.

Апроект анагӡара мҩаԥысуеит Нижни Новгород иҟанаҵо адгыларала, аиашьара зыбжьоу ақалақьқәа реизыҟазаашьақәа рыҿиара аҳәаақәа ирҭагӡаны. 

Аԥшаҳәа арлашара азы аусурақәа иманшәалоу ақалақьтә ҵакыра ашьақәыргылареи Аԥсны аҳҭнықалақь атуристтә хаҭабзиара ашьҭыхреи рзы зымҽхак ҭбаау апрограмма иахәҭакуп.

Цәыббрамза 30 – Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы иаҵаҩын Аҟәа амшын аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра. 

 


Read 193 times