Print this page
01.Ԥхынҷкәын.2025

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аԥсны аенергетикатә уомплекс аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны афымцамчтә комплекс аҿиара иазкын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои имҩаԥыргаз аусуратә еилацәажәара.

Аиԥылара иара убас иалахәын аԥыза-министр Делба Владимир, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә, афымцамч аминистр Баҭал Мышәба, Урыстәылатәи Афелерациа афымцамч аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада Ҭемыр Џьынџьал.

Аилацәажәараҟны иазааҭгылеит акаҭатә нхамҩа арҿыцразы ихадароу ауснагӡатәқәеи Аԥсны фымцамчла аиқәыршәара аус аҭышәныртәалареи рус. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ареспублика афымцамчтә система уақәгәыӷратә аҟаҵареи ахаҭабзиара ашьҭыхреи ирзынархоу иеицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара азҵаара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

 

 

 


Read 196 times