Ҳазҭагылоу аамҭазы амузеи ҩнымаҭәалеи ацәыргақәҵатә маҭәахәқәеи рыла реиқәыршәаразы аусура мҩаԥысуеит.
«Сгәы иаанагоит Нестор Аполллон-иԥа игәалашәара иадҳәалоу, аматериалқәеи аекспонатқәеи, иҭаацәеи иполитикатәи ҳәынҭқарратәи усуреи ртәы зҳәо амузеи аҿы имаҷхаӡом», - иҳәеит Бадра Гәынба.
Бадра Гәынби Сергеи Кириенкои ирҿыцу амузеи азалқәа ирыҩналаны ирбеит, амузеи аусзуҩцәа ирацәажәеит,ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
