Print this page
01.Ԥхынҷкәын.2025

Ацитрустә сезон алагара инаркны 11 091 тонна амандарина Аԥсны иалганы идәықәырҵахьеит.

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Асезон алагара инаркны Аԥсны иалганы идәқәырҵахьеит 11 091 тонна амандарина, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы експорт ҳасабла Аԥсны иалганы идәықәҵан  12 185 тонна амандарина.

Асезон алагара инаркны иара убас експортла идәықәҵан:

- 1 226 тонна афеихоа (1 039 тонна –  2024 шықәсазы),

- 376 тонна ахәырма (242 тонна –  2024 шықәсазы),

- 394 тонна алимон (178 тонна –  2024 шықәсазы),

Ақыҭанхамҩа Аминистрра адыррақәа рыла, зынӡа експорт ҳасабла адәықәҵара азԥхьагәаҭоуп 33 нызықь тонна аԥснытәи амандаринақәа.  


Read 250 times - Ашәахьа, 01 Ԥхынҷкәын 2025 17:21