«Ҳара ҳаргылаҩцәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара иалагахьеит. Зегьы аплан инақәыршәаны имҩаԥысуеит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Андреи Назаров Аԥсни Башкортосҭани реизыҟазаашьақәа интенсивла аҿиара иаҿуп ҳәа ахәшьара аиҭеит.
Уи иара убас аԥснытәи аделегациа изныкымкәа Уфа иаҭаахьеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара ҳганахьала, ҳреспублика иамоу хра злоу аганқәа, иарбан технологиақәа ҳхы иаҳархо, еихьӡарақәас иҳамоу, уҳәа ртәы еиҭаҳҳәоит», –ҳәа иҳәеит Андреи Назаров.
Ахәҭакахьала, Владимир Делба иахьа амҩақәҵатә хсаала ахь иалагалахо, уаанӡа зыӡбахә ҳҳәахьаз еиуеиԥшым аидеиақәеи ажәалагалақәеи аиуристә еиқәыршәара роуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аԥсны аԥыза-министр Ареспублика Башкортосҭан анапхгара аганахьала Аԥсны иаиуо ацхыраареи адгылареи рзы иҭабуп иҳәеит.
Ихәҭаахьала Андреи Назаров амҩақәҵатә хсаала иарбахо 29 пункт рынагӡара Аԥсны еиҳа ишәҭыкакаҷуа аизҳазыӷьара аманы аҟалара иацхраауеит ҳәа агәра ганы дшыҟоу азгәеиҭеит.
«Арҭ 29 пункт есымша ихарҭәаахалоит. 2030 шықәсазы 2030 - 2035 шш. рзы аплан аҿы иарбахо апунктқәа еиҵахаӡом. Ҳара ҳаиҩызара ҽҳәарадоуп; ҳамч зақәхо зегьы ҳаидгыланы, ҳаицхырааны иҟаҳҵалоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ареспублика Башкортосҭан аԥыза-министр.
Иахьа Владимир Делбеи Андреи Назарови 2025-2030 шықәсқәа рзы Аԥсни Башкортосҭани рыбжьара аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азы аусмҩаԥгатәқәа рыплан рнапы аҵарҩит.
Аганқәа иазԥхьагәарҭоит ахәаахәҭра-економикатә, ааглыхреи аргылареи, аспорт, акультура, амассатә информациа ахархәагақәа, агәабзиарахьчареи аветеленариеи, ауааԥсыра рсоциалтә хьчара, уҳәа аусхкқәа жәпакы рҿы русеицура аҳәаақәа рырҭбаара.
