«Ҳара агастрофестиваль аҭааҩцәа ирыдаагалоит арҵаратә мшьамбақьала. Араҟа имҩаԥгахоит алекциақәа, аҟазара-аклассқәа, аекспертцәеи апроект «Зысасгәашә аарту Аԥсны» алахәылацәеи реиԥылара», – ҳәа илҳәеит Анапхгараҭара Аҟазарҭа «Сенеж» аҿиара ахырхарҭа апрограммақәа рархитектор хада Евгениа Подарина.
«Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны анаукақәа Ракадемиеи Шәачатәи амилаҭтә парки рҵарауаа абнаԥсабара аендемикқәа реиқәырхареи урҭ Нхыҵ Кавказ агастрономиа аҿы рхахрхәара алыршареи иадҳәалоу хадара злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Ҳара асасдкылара заку уи асасцәеи атуристцәеи рҿаԥхьа уԥсадгьыл аӡыргара, иара убас Аԥсны адунеи зегьы азы аинтерес аҵаны иҟалартә еиԥш иҟаҵатәу ҳалацәажәараны ҳаҟоуп», – ҳәа иазгәалҭеит Евгениа Подарина.
