«Ҳара ари афестиваль аҿы заалыҵ ӡырызго ҳқыҭауаа ҳрызгәдууп. Уи асубтропикатә реиԥш, итрадициатәу акультурақәа рыҿиара иадҳәалоуп. Араҟа ижәбо зегьы ҳара ҳаарыхыҩцәа иаадрыхыз ауп», - ҳәа иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
«Абҵарамзеи ԥхынҷкәынмзеи – ари аура аҭагалара иаамҭоуп, убри аҟнытә иахьатәи афестиваль Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рнапхгарақәа рыдгылара иабзоураны еиҿкаахаз ҽаҩраҭагалара ианыҳәаны иуԥхьаӡар алшоит», – ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.
