Print this page
вчера 19:48

Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа азинхьчаратә усхкы аганахьала русеицура аихшьаалақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа азинхьчаратә усура апрофильтә хырхарҭақәа рыла апрактикатәи аметодикатәи русеицура анализ аҟаҵара иазкын абҵарамза  27 рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысыз аусуратә еилатәара. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аилатәара рхы аладырхәит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, аминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо, аусеилыргаратә усбарҭа аиҳабы Елеонора Карагозиан, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак Сергеи Голенков, Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа Еилаху аинформациа-ккординациатә центр адиректор Иури Марышев, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа.

Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа ареспублика аҿы хымш иҟан. Аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥснытәии урыстәылатәи аколлегацәа изакәанымкәа анаркотикатәи арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа реикәыршара, аекономикатә хырхарҭа змоу ацәгьоурақәа, ҳаамҭа иақәшәо акриминалистикатә методикақәеи заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭақәа русуреи иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Уи зегьы алыршахеит аҩ-тәылак рнапхгаҩцәа рыҩаӡараҿы ибжьаҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны.

Аилатәараҿы Роберт Кьиут иарбоу ахырхарҭақәа инарԥҵауланы анализ азура Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа рыбжьара аусеицура аеффективра акыр ашьҭыхра алнаршоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны анаҩс аҩганктәи аимадарақәа рырӷәӷәара азы апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа амаҵуратә ныҟәара аҳасабала Урыстәылаҟа рдәықәҵара азԥхьагәаҭоуп.


Read 63 times