Print this page
вчера 12:55

Гагра ақалақь аҿы ҳаҭырла дыргәаладыршәеит акомпозитор Баграт Багаҭелиа.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Томас Кәакәасқьыр ихьӡ зху Гагратәи акультура Аҩны аҿы Аԥсны жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара аорден занашьаз, акомпозитор Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа (1930–2015шш.) игәалашәара иазкны аконцерт мҩаԥысит. Жьҭаарамза 25, 2025 шықәсазы иара иԥсы ҭазҭгьы 95 шықәса ихыҵуан.

Аконцерт аҿы Баграт Багаҭелиа иаԥҵамҭақәа нарыгӡеит ансамбль «Кьиараз», иара убас амузыкатә школқәа рҵаҩцәеи.  

Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындба еизаз Баграт Багаҭелиа изы игәалашәарақәа рзеиҭеиҳәеит. Уи иқәгылараҿы акомпозитор атәыла акультуратә ҿиара аҿы илагала ду атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Амԥар Баграт Багаҭелиа апатриот иаша, абаҩхатәра злаз арҵаҩи аԥсуа музыкатә культура еиҷаҳарала иазнеиуаз, арҿиара знапы алакыз иналукааша аусзуҩ иаҳасабала ажәлари Гагра ауааԥсыреи ргәалашәараҿы даанхоит ҳәа.  

Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа диит жьҭаарамза 25 1930 шықәса рзы Аԥснытәи АССР, Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан анхаҩы Аҳмаҭ Багаҭелиа иҭаацәараҿы. Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа далгеит, изанааҭтә усура далагеит Аҟәа, амузыка арҵаҩыс аус иуан, аамҭак иалагӡаны Ареспублика Аԥсны жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рзы Аҳәынҭқарратә зҽаԥсазтәыз ансамбль аҿы аус иуан. Анаҩс далгеит Гнесинаа рыхьӡ зху Москватәи амузыка-педагогикатә Институт ахор-деррижиорра афакультет.

Баграт Багаҭелиа иԥсҭазаара аиҳарак Гагра дынхон, аусгьы иуан. Иара илшарала 1969 шықәсазы иаатит Гагратәи амузыкатә школ, уи 1974 шықәсанӡа иара напхгара аиҭон, уи ашьҭахь ақалақьтә Музыкатә хореографиатә еилазаара анапхгараҭара ахантәаҩыс дыҟан.   

Баграт Багаҭелиа – иакымкәа-иҩбамкәа ахортә коллективқәа аԥиҵахьан. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахәыҷтәы ансамбль «Мамзышхьа» (1983ш.), қәҿиара дула Урыстәыла. Польша, Бельгиа, уҳәа атәылақәа рахь агастрольқәа мҩаԥызгоз жәлар рашәаҳәара ансамбль «Афырҭын» (1985ш.), иара убас  ансамбль «Аурашьа», Гагратәи ақалақьтә хор, Бзыԥтәи ахәыҷтәы хор «Мамзышьха», ансамбль «Афырҭын», Гагратәи алице-интернат ахацәа рхор «Цандрыԥшь». Аха иԥсҭазаараҿы ихадоу иусураны иҟалеит ансамбль «Кьиараз» аԥҵара, уи иара қәҿиарала напхгара аиҭон ҩынҩажәижәаба шықәса инарзынаԥшуа.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Баграт Багаҭелиеи изааигәаз иҩызцәеи иколлегацәеи еицхырааны  еиҿыркааит ансамбль «Ԥсоу». Аколлектив атыл аҿы аӷа иҿагылаз аибашьцәа ргәы шьҭыхуа иқәгылон.  

Еицырдыруеит Баграт Багаҭелиа апоетесса Белла Барцыц лажәақәа рыла аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирызкны ииҩыз иашәа. Акомпозитор инапы иҵыҵыит 300 инарзынаԥшуа, еиуеиԥшым ажанрқәа ирыҵанакуа аԥҵамҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп шәкы инарзынаԥшуа ахәыҷқәа ирызку ашәақәа. Баграт  Багаҭелиа – ажәлар рҿы еицырдыруа ашәақәа «Ан лҵәыуара» («Плач матери»), «Аԥсны азы»  («Об Абхазии»), «Гәында» («Гунда»), «Раида» («Райда»), уҳәа дравторуп.  

2016 шықәсазы ансамбль «Кьиараз» иалахәу, иара убас Гагра араион Ахадара акультура аҟәша аусзуҩцәеи Гагра араионтә Еизара ахәбатәи ааԥхьара аҿаԥхьа ақалақьтә аҟазара ашкол Баграт Багаҭелиа ихьӡ ахҵаразы аԥшьгара ҟарҵеит. Адепутатцәа ари аԥшьгара иадгылеит, ашкол ҳаҭыр зқәу Ареспублика Аԥсны жәлар рартист ихьӡ ахырҵеит.


Read 12 times