Бадра Гәынба аҟәшеиҵа адҵаҟаҵаҩи ахатәы еилазаареи дрыҿцәажәеит, арратә маҵзура анагӡаразы араҟа иаԥҵоу аҭагылазаашьақәеи аҳәаахьчаратә ҭыԥ аинфраструктуреи гәеиҭеит. Иара Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа анапынҵа ииҭеит хара имгакәа ауадақәа реиҭашьақәыргылара алагара азы.
Аҳәынҭқарра Ахада аҳәаахьчаратә отриад «Ԥҭышь» аусзуҩцәа иҳараку рзанааҭдырреи аҳәынҭқарра ашәарҭадара иазку рмаҵуратә уалԥшьа ламысцқьала анагӡареи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
