Print this page
вчера 13:41

Аԥсны атуризм Аминистрра атуроператорцәа IV рконгресс ареспублика аҿы амҩаԥгаразы аԥшьгара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуаз III атуроператорцәа Жәларбжьаратәи рконгресс ихы алаирхәит. Афорум апленартә еилатәара «Урыстәыла атуристтә џьармыкьа ауадаҩрақәеи аперспективақәеи. Аеффективреи аҿиара афакторқәеи» («Вызовы и перспективы туристского рынка в России. Эффективность и факторы его развития») атема ала имҩаԥысит.

Аԥсны атуризм аминистр афорум иалахәыз рҿаԥхьа адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит. Уи атәыла атуристтә усхкы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҿиара иҿыцу аимпульс аанарԥшуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аминистрра хара имгакәа атурисстә усуреи аусхкы аҿиара аконцепциеи рзы иҿыцу азакәан аус адулара хнаркәшоит. Иара убас ишьақәыргылоуп иаку асасааирҭатә шәҟәынҵа, уи ааигәа ишьақәырӷәӷәаны аԥснытәи ахырхарҭала аус зуа атуроператорцәа зегьы ирыздәықәҵахоит.  

Аԥсны атуризм аминистр иааиуа IV атуроператорцәа Жәларбжьаратәи рконгресс Аԥсны амҩаԥгара алыршара азҵаара иахәаԥшырц ажәалагала ҟаиҵеит, уи афорум алахәылацәа ареспублика иаҭаарц азы ааԥхьара риҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра апресс-маҵзура.  


Read 139 times - Аԥшьаша, 27 Абҵара 2025 16:41