Print this page
24.Абҵара.2025

Аҟәа ақалақь Ахадара аӡытә мкьаҭ ахьхыбгалаз араион аҿы инхо ауааԥсыра ӡыла еиқәынаршәалоит.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24 рзы Аишьцәа Занҭариаа рымҩала иҟалаз адгьылҳәазара иахҟьаны Аҟәа ақалақь аӡрыжәтә ала еиқәзыршәо аӡытә мкьаҭ  хыбгалеит. «Аӡытә мқьаҭи ақалақьтәи аӡымҩангагақәеи еидызкыло ахыбра аҿы адгьыл ҳәазеит, уи иахҟьаны аҭыӡқәа руак бгеит», — ҳәа адырра ҟаиҵеит аҳҭнықалақьтә нхамҩа Аусбарҭа аиҳабы Руслан Аҩӡба.

Иара ишазгәеиҭаз ала, «Аӡышьҭра» амаҵзура оперативла иҟалаз ахҭыс ахҟьаԥҟьақәа рықәгаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

«Иахьа шьыжьы аахыижьҭеи аиҭашьақәырыгалара алагаразы уахь атехника знеиртә еиԥш анеирҭақәа рыҟаҵаразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Аӡы ацәцара аанкыларазы зыԥшра ҟамҵакәа ихжәаз аӡымҩангагақәа реиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп. Аусура акыр иаруадаҩуеит аҭыԥ ахь анеира иацу ауадаҩрақәа, ҩаԥхьа адгьылҳәазара ашәарҭара ыҟоуп. Убри аҟнытә аусурақәа ршәарҭадара алыршареи ахҟьаԥҟьақәа рықәгареи рзы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит», — ҳәа иажәа иацҵо иазгәеиҭеит Руслан Аҩӡба.

Иара иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа 3-4 мшы иадхалоит, аха ауааԥсыра ӡыда иаанымхарц азы, Аҟәа ақалақь Ахадара аӡы рызнагара аиҿкааразы аӡбамҭа аднакылеит.

Дермановски имҩала абҵарамза  25 ашьыжь, асааҭ 11:00 инаркны иргылахоит аӡы зҭоу амашьына.  

«Изҭаху зегьы неины аӡы ргар алшоит. Рыцҳарас иҟалаз, амашьына аҭыӡҭыԥқәа рахь изнеиӡом. Ҳара ас еиԥш аӡы анагара мышкахьы ҩынтә-хынтә иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Руслан Аҩӡба.


Read 513 times - Аҩаша, 25 Абҵара 2025 16:11