Print this page
вчера 7:48

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа аҵарадырратә центр «Созвездие» аусура дазҿлымҳахеит.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы усуратә визитла иҟоу Ареспублика Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьали   Жәларбжьаратәи агәәыҳалалратә уаажәларратә Еиҿкаара «Справедливая помощь Доктора Лизы» адиректор Ксениа Плоткинеи иаҭааит Красногорск иҟоу аҵарадырратә центр «Созвездие». Урҭ ирԥылеит ацентр анапхгаҩы Сергеи Сиурини ацентр аусзуҩцәеи.

Аҭаара хықкыс иҟалеит абар шьҭа 20 шықәса ирылагӡаны згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы  аинновациатә арҿиаратәи аҵарадырратәи апрограммақәа қәҿиарала иназыгӡо ацентр аусура иуникалу шықәсырацәалатәи аԥышәа аилкаара.

Асасцәа «Созвездие» аҟәшақәа зегьы ддырбеит, ирзеиҭарҳәеит уи аԥҵареи аҿиареи аҭоурых. Ацентр «Созвездие» ауникалра згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа зегьы комплексла, индивидуалла хазы-хазы рыҿиара азнеишьа, аамҭа иаԥышәахьоу аметодикақәеи апрактикақәеи рхархәара ауп аиҳарак изыдҳәалоу.  

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы Азинмчы змоу лажәақәа рыла, ари аҭаара ареспублика аинвалидра змоу ахәыҷқәа рзы ахәыҷтәы аҵарадырратәи ареабилитациатәи аусбарҭақәа русура аҿы ахархәара амазар зылшо хра злоу аԥышәа аилкааразы алшара аԥнаҵоит.  

Ас еиԥш иреиӷьу аԥышәақәа рыла аимадара ахәыҷы изинқәа рыхьчара асистема аҿиара аҿы хадара злоу елементны иҟоуп, ҳәа иазгәалҭеит Мактина Џьынџьалԥҳа.

 


Read 127 times