Print this page
вчера 7:45

Бадра Гәынба Никита Павел-иԥа Симониан иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иҭаацәа дрыдышшылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Никита Павел-иԥа Симониан иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иҭаацәа дрыдышшылеит   

Адышшыларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

 «Никита Павел-иԥа иԥсҭазаара иалҵра гәалсра дула исыдыскылеит.

Даара агәхьаа снаҭеит Аԥсны зегьы ҷыдала ҳаззыҟаз иналукааша ашьапылампыл асҩы, азыҟаҵаҩ иаҳасабала адагьы, зхәыҷра зегьы Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысыз, злахьынҵа ҳтәыла иамадоу ауаҩы ицәыӡра.

Аҟәоуп иара ашьапылампыл асрахь раԥхьатәи ишьаҿақәа ахьеихигаз, «Динамо» Аҟәа акомандаҟны иреиӷьыз ахәмарҩцәа дыруаӡәкын. Уинахыстәи иԥсҭазаара ахьымҩаԥысзаалак, аспорт аҿы аихьӡарақәас имазаалк, Никита Павел-иԥа Симониан Аԥсны ихашҭуамызт. 

Аԥсны жәлар уи изыҟазаашьа бзиа атәы аҳәоит Никита Павел-иԥа ианашьоу     «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара — уи илагаламҭа зыԥсоу, ҳреспубликахь имаз абзиабара иадырганы иҟалеит. 

Аԥсны жәлар зегьы рзы уи гәадураны, ирзааигәоу уаҩны дыҟан, ус дагьаанхоит.

Игәалашәара лаша ҳацзаауеит Никита Павел-иԥа — зышьҭамҭа нзыжьыз аспорт аҭоурыхи ауаа ргәалашәареи рҿы».

 


Read 153 times - Ашәахьа, 24 Абҵара 2025 15:48