Ашәҟәҭагаларатә усбарҭа зыдгалара мҩаԥнаго амаҵзурақәа рзы ашәатәқәа рҟынтәи 100 % рыла рхы иақәиҭтәхоит:
- Асовет Еидгыла Афырхацәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Афырхацәа, Ахьӡ-Аԥша аорден инагӡоу акавалерцәа;
- 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи аинвалидцәеи;
- Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара I агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа;
- 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра I агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа, Аԥсны имҩаԥысуаз аибашьратә хҭысқәа раан I агәыԥ иаҵанакуа аинвалидра зауз;
50% рыла ашәатәқәа ршәара аҟынтәи рхы иақәиҭхоит:
- 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра II агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа;
- Аԥсны аҵакыраҿы еиԥш егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҿы имҩаԥысуаз аибашьратә хҭысқәа раан II агәыԥ иаҵанакуа аинвалидра зауз атәылауаа;
- Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аан II агәыԥ иаҵанакуа аинвалидра зауз атәылауаа;
- 1941 – 1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡеи 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьреи раан иҭахази хабарда ибжьаӡызи рҭаацәа иреиуоу:
– еиҭа аҭаацәара иаламлаз аԥшәмаԥҳәыс (аԥшәмахаҵа),
– зықәра наӡам ахәыҷқәа, иара убас азанааҭҵаратә ҵараирҭақәеи иреиҳау аҵара аусбарҭақәеи ирҭо рҵара иалгаанӡа,
– аҭаацәа (ааӡара изгаз, абекунцәа),
– закәанла урҭ рныҟәгара зыхәҭоу ыҟамзар андуи абдуи;
- Чернобыльтәи Атомтә Фымцатә Станциа аҿы иҟалаз авариа инамаданы ааха зауз ахаҿқәа.
Ашәҟәҭагаларатә усбарҭа зыдгалара мҩаԥнаго амаҵзурақәа рзы ашәатәқәа рҟынтәи 100 % рыла рхы иақәиҭтәхоит:
- Аинвалидцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи, аҵара-нхамҩатә еиҿкаарақәеи аидгыларақәеи, ашкол-интернатқәа, арратә хәҭақәа, аусбарҭақәа, анаплакқәеи Ареспублика Аԥсны Арбџьармчқәа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҩныҵҟатәи архәҭақәа аиҿкаарақәеи анаплакқәеи, агәабзиарахьчара аҳәынҭқарратә усбарҭақәа;
- Ареспублика Аԥсны атәанчаҩцәа;
- I агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа;
- Зхала ҩыџьа, ма еиҳаны ахәыҷқәа зааӡо ан (аб), Аԥсны атәылауаҩра змоу, ареспублика апоселкақәеи ақыҭақәеи рҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо, иарбоу апаселкақәеи ақыҭақәеи рҿы иҟоу рхатәы ҩнқәеи рқыҭанхарҭақәеи ахьыҟоу адгьылҵакырақәа рганахьала акадастртә усурақәа рымҩаԥгараан;
Ажьырныҳәамза 1, 2027 шықәсанӡа ашәатәқәа рҟынтәи 100 % рыла рхы иақәиҭтәхоит:
- Аҳәынҭқарратә мчреи аҳәынҭқарратә напхгараҭареи русбарҭақәа, егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа.
Акадастртә палата ала амаҵзурақәеи апроцедурақәеи рымҩаԥгаразы ирылххо ашәатәқәа рхышәа-ҵышәа
Акадастртә усурақәа рымҩаԥгареи адгьылҵакыра ахәҭа акадастртә план аиқәыршәареи 1000 м2 рҟынӡа – 1 м2 азы 16 мааҭ.
Акадастртә усурақәа рымҩаԥгареи адгьылҵакыра ахәҭа акадастртә план аиқәыршәареи 1001 м2 инаркны 2000 м2 аҟынӡа азы – 1 м2 азы 8 мааҭк.
Акадастртә усурақәа рымҩаԥгареи адгьылҵакыра ахәҭа акадастртә план аиқәыршәареи 2001 м2 инаркны 5000 м2 аҟынӡа азы – 1 м2 азы 4 мааҭк.
Акадастртә усурақәа рымҩаԥгареи адгьылҵакыра ахәҭа акадастртә план аиқәыршәареи 5001 м2 инаркны – 1 м2 азы 2 мааҭк.
Ахыбра, аргыламҭа, зыргылара хыркәшам аобиект, ауада, мамзаргьы иаку еиҭамҵуа акомплекс (ахыбрақәа реихагыларацыԥхьаӡатә, планқәа, ауадақәа рыпланқәа уахь иналаҵаны) акадастртә усурақәа рымҩаԥгареи адгьылҵакыра ахәҭа акадастртә план аиқәыршәареи – 1 м2 азы 50 мааҭ.
Еиҭамҵуа аобиект азы еиҭамҵуа амазара акадастр аҟынтәи агәылҩаа аҭара, иара убас акадастртә шәҟәҭагалара аобиект азы акадастр аҟынтәи агәылҩаақәа рыҭара:
- Ашәҟәҭагалара-ҳасабырбатә уснагӡа шымҩаԥгоуи уи азы анҵамҭа еиҭамҵуа амазара акадастр ишалагалоу зырҵабырго агәылҩаа азыҳәаҩ иҭараан – хәыдаԥсада, аобиект зтәу (уи иҭынхацәа), иара убас ашасдкылаҩ шасыс иааныжьу амаҭәар аганахьала ҩаԥхьа аҩынтәраан, ма ахынтәраан идҵаалараан агәылҩаа аҭараан – 200 мааҭ.
- Еиҭамҵуа амазара акадастр иалагалоу адыррақәа злашьаҭарку аусшәҟәқәа, азиншьақәзырӷәӷәо аусшәҟәқәагьы уахь иналаҵаны рыхкьыԥхь, ма рдупликатқәа рыҭара – 10 мааҭк ихкьыԥхьу бӷьацк аҟцаҵара азы.
