Print this page
22.Абҵара.2025

Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут аҿы актәи адиректор Заур Шьалашьаа игәалашәара иазкыз аинститут аихшьаалатә наукатә сессиа мҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут аҿы абҵарамза 21 азы имҩаԥысит аинститут актәи адиректор, аекономикатә наукақәа рдоктор, Анаукақәа Ракадемиа академик, апрофессор Заур Иван-иԥа Шьалашьаа игәалашәара иазкыз аихшьаалатә наукатә сессиа.

Анаукатә сессиа аалыртит аинстит адиректор  Фатима Камкиа.

Анаукатә сессиа алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иқәгылеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Џьансыхә Нанбеи Вараздат Мианасиани, Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана  Ԥлиа, Аԥсны асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор Олег Дамениа, Аҟәатәи иаарту аинститут аректор Валери Кәарҷиа.

Асессиа аусура рхы аладырхәит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут аусзуҩцәеи Урыстәылантәи иааз аҵарауааи – Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут Адиссертациатә Хеилак алахәылацәа.

Заур  Иван-иԥа Шьалашьаа  иԥсҭазааратә мҩеи инаукатә еихьӡарақәеи ирызкын Алеқсандр Гәылиа иқәгылара.

Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут анаукатә усзуҩ Барцыц Л.М. амонографиа «Алада-мрагыларатәи Аԥсны. Самырзаҟан. Гал араион» («Юго-восточная Абхазия. Самырзакан. Галский район») аӡыргара мҩаԥигеит.

Аинтерес аҵан егьырҭ ажәахәқәагьы абарҭ актуалра зҵоу атемақәа рыла: «Ареспублика Аԥсны аекономика аҳәынҭқарратә напхгараҭара:ихадоу атемақәеи ауадаҩрақәеи» («Государственное управление экономикой Республики Абхазия: ключевые темы и вызовы») (О.И. Шаталова); «Аԥсны атуризм аҿиара хадара злоу ахырхарҭақәа» («Приоритетные направления стратегии развития туризма в Абхазии») (Ж.С.Жангоразова); «Хықәкылатәи апрограммақәа рыла ишьаҭаркны Ареспублика Аԥсны аекономика хадара злоу аусхкқәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭара» («Государственная поддержка приоритетных отраслей экономики в Республике Абхазия на основе целевых программ») (Арӡынба Д.Т.); «Иҭышәынтәалоу асоциал-хықәкызааратә економика ашьақәгылараҿы атәылауаҩратә институтқәа инарыгӡо ароль» («Роль институтов гражданского общества в формировании устойчивой социально-ориентированной экономики»)(С.Н. Калюгина); «Еиҿкаау атехнологиақәа аекономика аҿиара адраивер аҳасабала» («Бережливые технологии, как драйвер развития экономики»)  (Е.А. Астахова); «Аԥсны атуризми асасдкылара аиндустриеи рыҿиареи рӡыргареи рзы ацифратә инструментқәа» («Цифровые инструменты поддержки и продвижения туризма и индустрии гостеприимства в Абхазии») (Л.Г. Кәарҷиа); «Ареспублика Аԥсны ашәахттә закәанԥҵара аиӷьтәра аперспективақәа: актуалра злоу азҵаарақәа» («Перспективы совершенствования налогового законодательства Республики Абхазия: актуальные вопросы» ( (А.В. Логинов), уҳәа убас егьырҭгьы.  

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит аҵарауаа қәыԥшцәа – Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут аспирантцәеи анаукатә ҩаӡара аиуразы иқәгылоуи рнаукатә ҭҵаарақәа алҵшәақәа рапробациа азы есышықәсатәи Аихшьаалатә наукатә сессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны есымша аус зуа аплошьадка аԥҵара азҵаара. Жәаҩык аспирантцәеи аиуристтәи аекономикатәи анаукақәа ркандидатцәа ҳәа анаукатә ҩаӡара аиуразы иқәгылоуи  доусы рыҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыдгалара мҩаԥыргеит.


Read 95 times - Ашәахьа, 24 Абҵара 2025 12:38