Аҟәа. Абҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, абҵарамза 22 рзы, Аԥсны урыстәылатәи аинтернет-проект «СВОИ» аестафета аднакылеит. Аҟәа ақалақь агәаҿы иаатит уаанӡа Шәача ақалақь аҿы ицәыргаз еихьӡылоу еиҭаҵуа аекспозициа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Апроект архив аҿы еизгоуп 2,5 нызықь инареиҳаны Урыстәыла зегьы аҟынтәи аҭоурыхқәа – уи афырхаҵара, ашьҭибахара, аидгылара, амилаҭбжьаратәи аиҩызара, уҳәа 80 шықәса ирылагӡаны абиԥарак аҟынтәи даҽа биԥарак ахь ииасуа аҵак дуқәа ирызку ажәабжьқәа роуп. Аекспозициа Алада Кавказтәи Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округқәа рҿы, иара убас Аԥсны инхо ауааԥсыра рҭоурыхқәа алалеит.
«Ҳара аиҩызареи Аԥсадгьыл ахь абзиабареи рырӷәӷәара хықәкы хадас измоу ари аусмҩаԥгатә аҿы шәбара даара ҳаигәырӷьоит. Агәра ганы ҳаҟоуп урыстәылатәи ҳпартниорцәеи ҳареи еицынаҳагӡо апроектқәа рыла, иаарту адиалог ала ҳара иаҳзеиԥшу аԥеиԥш лаша ашьақәыргылара аус реалла хра злоу алагала алаҵара ҳалшоит. Агәымшәареи афырхаҵареи згымыз ҳаиҳабацәа аибашьра адәаҿы акыр амыҟәмабарақәа рыхганы хьыӡла-ԥшала Аиааира Дуӡӡа абираҟ шьҭырхит. Ҳара иаҳуалԥшьоуп – ари аҭынха ду ҳаԥсаны аҟазаара», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба.