«Амультфильм асиужет — аԥсуа иԥсҭазаара аҟынтәи иаагоуп. Иҟан-ианын ҭакәажәыки лагажәыки, урҭ ирыман ашьыжь раԥхьа зҿи-знапи ӡәӡәаны уи ала зыҽзырбоз иааиҭаху игәазыҳәарақәа зегьы ҟазҵоз ампахьшь шана. Ари аҭоурых, сара сажәеинраалақәа ирылху ашәақәа ацны ахәаԥшцәа итрадициатәу Аԥсны акультура иаланагалоит. Алакә ахәыҷқәа ирыланааӡоит ақьиара, ассир агәрагара, иара убас ҳәарада аԥсуа традициақәа деилнаркаауеит», - ҳәа илҳәеит Гәында Кәыҵниа.
Гәында Кәыҵниа инаҵшьны иазгәалҭеит абызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә усбарҭа акыр шықәса раахыс афильмқәеи амультфильмқәеи рдублиаж шымҩаԥнаго. Иарбоу аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ари ахылаԥшырҭа акыр ҵуеит ахатәы аԥсуа мультфильмқәа раԥҵара азԥхьагәаҭаны иамоуижьҭеи. Ари, ҳәара аҭахума, акыр аџьабааи ахарџь зцу процессуп.
«Аспециалистцәа рыԥшаара — ҳара ҳзы еиҳа иуадаҩу аусқәа иреиуоуп. Ҳара Асҭамыр Кәыҵниа амультфильм аԥҵаразы иҳадигалаз аидеиа адгылара аҳҭеит. Иазгәаҭатәуп уаанӡа ари апроект анагӡаразы алшара ыҟаӡамызт, нанҳәамза 2024 шықәсазы ҳара уи ҳазҭоу ашықәс апланқәа ирылаҳгалеит. Амультфильм абиуџьет ҩ-миллион мааҭ аҟынӡа инаӡоит. Асҭамыри ҳареи ҳаиқәшаҳаҭра иабзоураны арҿиаратә команда аизгара алыршахеит, абжьы ахаҵара азы аспециалистцәагьы уахь иналаҵаны. Аусура хацыркын ашықәс алагамҭазы, уи аамзы ирҭагӡахеит. Аҵыхтәаны амультфильм «Ампахьшь-шана» қәҿиарала ихыркәшахеит», – ҳәа еиҭалҳәеит Гәында Кәыҵниа.
Асҭамыр Кәыҵниа инагӡаны еиқәыршәоу астудиа ада аусурала 200 кадр инареиҳаны рыла ишьақәгылоу амультфильм аԥиҵеит.
«Аусура мариаӡамызт, аха алҵшәа бзиа аиуит, ҳара гәахәарыла ҳахәаԥшцәа хәыҷқәа уи рыдаагалоит, урҭ рзы аҳамҭақәагьы ҳархиеит. Абызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә усбарҭа ала иҭыжьу ашәҟәқәа амультфильм аԥхьарбара ахь иааиуа ахәыҷқәа зегьы ҳамҭас ираҳҭоит», – ҳәа инаҵшьын иазгәалҭеит Гәында Кәыҵниа.
